Аԥхьанатә афестиваль аиҿкааҩцәа аконцерт мҩаԥыргарц ргәы иҭан С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы, аха атәылаҿы ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, аконцерт уи ашҭаҿы имҩаԥыргеит.
Атеатр ашҭаҿы уи азы идыргылеит асцена ду, ахәаԥшцәа рзы аҟәардәқәа дыргылеит. Иара убас ауаа тәан атеатр ааигәара игылаз атәарҭақәа рҿы, иара убас игыланы иахәаԥшуазгьы рацәан.
Аконцерт аҿы аамҭак азы асцена еицықәгылан шәҩык амузыкантцәа. Апрограмма иалан Аԥсни Урыстәылеи рмузыкантцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Адыгеиатәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр, Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла ахкынагӡаҩцәа, иара убас еицырдыруа ахкынагӡаҩцәа Нана Черқьезиаԥҳа, Алхас Ферзба, Екатерина Богачева, Иулиа Почкалова, Иури Ростоцки, Владимир Казаков.
Иара убас афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит:
Россини Аԥсуа драмтеатр аҿаԥхьа: афестиваль "Opera Viva" Аҟәа ишымҩаԥысыз