Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Сарсаниаԥҳа Аҟәа араион аҟны аҵарашықәс шхдыркәшаз
© Sputnik
"Сынтәа ажәеизатәи акласс иалгаз 48–ҩык ҳаман, ажәбатәи акласс иалгаз - 41-ҩык. Аԥышәарақәа мҩаԥаагеит. Ажәеизатәи акласс аушьҭымҭацәа 15-ҩык рҵара бзианы ихдыркәшеит. Ԥсҳәытәи ашкол сынтәа хҩык алгеит. Быжьҩык рҟынӡа ҳаушьҭымҭацәа иҳамоу адыррала Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалап ҳәа ауп", - лҳәеит Сарсаниаԥҳа.
Лара убасгьы еиҭалҳәеит араион аҟны ашколқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу. Ашықәс иалагӡаны араион ашколқәа 10 ахаҿрарԥшӡаратә усурақәа рзы 300 нызқь мааҭ рзарбоуп, лҳәеит Сарсаниаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.