Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Сарсаниаԥҳа Аҟәа араион аҟны аҵарашықәс шхдыркәшаз

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюля Сарсания
Люля Сарсания - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит сынтәатәи аҵарашықәс шхдыркәшаз.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Сарсаниаԥҳа Аҟәа араион аҟны аҵрашықәс шхдыркәшаз

"Сынтәа ажәеизатәи акласс иалгаз 48–ҩык ҳаман, ажәбатәи акласс иалгаз - 41-ҩык. Аԥышәарақәа мҩаԥаагеит. Ажәеизатәи акласс аушьҭымҭацәа 15-ҩык рҵара бзианы ихдыркәшеит. Ԥсҳәытәи ашкол сынтәа хҩык алгеит. Быжьҩык рҟынӡа ҳаушьҭымҭацәа иҳамоу адыррала Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалап ҳәа ауп", - лҳәеит Сарсаниаԥҳа.

Лара убасгьы еиҭалҳәеит араион аҟны ашколқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу. Ашықәс иалагӡаны араион ашколқәа 10 ахаҿрарԥшӡаратә усурақәа рзы 300 нызқь мааҭ рзарбоуп, лҳәеит Сарсаниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0