Аԥсны COVID зыхьхьоу 19 нызқьҩык иреиҳахеит, даҽа ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19032-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15817-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 267-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 528-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 179-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус злаз ҩыџьа ачымазцәа - 71 шықәса зхыҵуази 62 шықәса зхыҵуази.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 142-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 42-а, ибжьаратәуп - 35-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 27-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 42-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>