Арадио

Џьапуа акультуратә хыбрақәа рҟны аԥкрақәа рзы: изыҟарҵеи ҳәа аколлектив рҟынтә исмаҳаит

Аԥкрақәа русура иахьынӡаныԥшуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа.
Sputnik
Џьапуа акультуратә хыбрақәа рҟны аԥкрақәа рзы: изыҟарҵеи ҳәа аколлектив рҟынтә исмаҳаит

Аԥсны акультура аминистрра иаҵанакуа акультуратә усбарҭақәа русура аанкылахоит ԥхынгәы 12 инаркны. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит акультура аминистр Гәдиса Агрба.

Аковидҿагыларатә ԥкра ҿыцқәа Аԥсны амч роуит ԥхынгәы 12 инаркны

Аԥкрақәа алагалоуп Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз иахҟьаны. Иазгәаҭоуп, русура шаанкылахо атеатрқәеи, амузеиқәеи, абиблиотекақәеи, акультуратә центрқәеи, акультуратә ҩнқәеи, ацәыргақәҵатәи аконцерттәи залқәеи, ансамбльқәеи акультура-ҵаратә усбарҭақәеи.

"Аҭагылазаашьа цәгьа ихьанҭахеит, ҳала иабоит. Аԥкрақәа иахьынӡауа рынагӡара ҳаҿуп, аха иахьа шәҩыла ауаа еишьҭагыланы амузеи ианыҩнало, даҽа аамҭак иеиԥшымкәа иаҳныԥшуеит. Иахьа иҳамоуп ачымазара зыхьуа, уаанӡа изыхьны зыԥсҭазаара иалҵызгьы дыҟоуп. Аԥышәа злаҳамоу ала, ус еиԥш анырҳәа (аԥкрақәа ралагалара- азгәаҭа), избан ус изыҟарҵеи ҳәа шамахамзар аколлектив аӡәы аҟынтәи ус исмаҳаит. Схаҭа сгәы ишаанаго ала ииашаны иҟаҵоуп… Иахьа ихадоу - ҳауаажәлар реиқәырхароуп. Алҵшәа ахьынӡаиуа атәы макьана аҳәара цәгьоуп", - иҳәеит Џьапуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.