Аԥсны акультура аминистрра иаҵанакуа акультуратә усбарҭақәа русура аанкылахоит ԥхынгәы 12 инаркны. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит акультура аминистр Гәдиса Агрба.
Аԥкрақәа алагалоуп Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз иахҟьаны. Иазгәаҭоуп, русура шаанкылахо атеатрқәеи, амузеиқәеи, абиблиотекақәеи, акультуратә центрқәеи, акультуратә ҩнқәеи, ацәыргақәҵатәи аконцерттәи залқәеи, ансамбльқәеи акультура-ҵаратә усбарҭақәеи.
"Аҭагылазаашьа цәгьа ихьанҭахеит, ҳала иабоит. Аԥкрақәа иахьынӡауа рынагӡара ҳаҿуп, аха иахьа шәҩыла ауаа еишьҭагыланы амузеи ианыҩнало, даҽа аамҭак иеиԥшымкәа иаҳныԥшуеит. Иахьа иҳамоуп ачымазара зыхьуа, уаанӡа изыхьны зыԥсҭазаара иалҵызгьы дыҟоуп. Аԥышәа злаҳамоу ала, ус еиԥш анырҳәа (аԥкрақәа ралагалара- азгәаҭа), избан ус изыҟарҵеи ҳәа шамахамзар аколлектив аӡәы аҟынтәи ус исмаҳаит. Схаҭа сгәы ишаанаго ала ииашаны иҟаҵоуп… Иахьа ихадоу - ҳауаажәлар реиқәырхароуп. Алҵшәа ахьынӡаиуа атәы макьана аҳәара цәгьоуп", - иҳәеит Џьапуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.