Аҟәа амцакра ҟалеит: аҳҭнықалақь аҿы ауаҭах шблыз

Аҟәа Кәыдрытәи амҩаду аҿы ауаҭах амца акит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит ҳәа адырра ҟанаҵеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр.
Sputnik

Амцакра ҟалеит Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит аҩаша ԥхынгәы 13 асааҭ 07:22 рзы. Аҭыԥ ахь инеит Аҟәатәи амцарцәаратә гәыԥқәа ҩбеи аиқәырхаратә ҟәшаки.

АҶА амедицинатә усбарҭа иатәу ацхыраара ласы амашьынагьы уахь инашьҭын. Иҟалаз амцакра иахҟьаны аҵәахырҭеи абарҵеи блит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.