Акоронавирус 187-ҩык ирыдырбалеит, даҽа ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19219-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15890-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 269-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 553-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 187-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ԥхынгәы 12 рзы рыԥсҭазаара иалҵит 65 шықәсеи 90 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа апациенткақәа.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 161-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 67-ҩык, ибжьаратәуп - 34-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 29-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 43-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>