Аԥсни Урыстәылеи апрограмма-хықәкытә напхгараҭараҿы аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит

Адокумент анапаҵаҩра мҩаԥысит Москва аҩтәылак рзеиԥш социал-економикатә ҵакыра аиҿкаареи рзакәанԥҵарақәа реиуаршәареи рзы апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови рнапы аҵарҩит Апрограмма-хықәкытә напхгараҭара аҿиара аусхк аҟны аусеицуразы амеморандум.

Адокумент инақәыршәаны, аҩминистррак аус еицырулоит аинформациеи аҳәынҭқарратә программақәа аус рыдулареи, рынагӡареи, рыхәшьареи рзы аԥышәеи реимдараҿы, иара убас ари азҵаара иазҟазоу ауаа рыпрофессионализм аҩаӡара аизырҳараҿы.

Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит аекспертцәеи аделегациақәеи русутә еилатәарақәа аамҭа-аамҭала рымҩаԥгара, аконференциақәа, асимпозиумқәа, асеминарқәа реиҿкаара.

Аминистрра аҟазауаа аҵара дырҵарази аконсультациақәа рзымҩаԥагарази аҭҵаарақәа еицымҩаԥыргалоит, аҟазауаа еиҭнырыԥсахлоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: