Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит абаҩрҵәыразы азакәан

"Абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аԥсны азакәан" адгылара арҭеит Жәлар Реизара азинтәи аналитикатәи аҟәшақәа. 
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит абаҩрҵәыразы азакәан.

Азакәан апроект рыдигалеит адепутат Вианор Бебиа. Иазгәеиҭеит, азакәан адкылара шхымԥадатәиу, Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти ҳәаақәызҵо азинтә акт ҳәа акгьы ахьыҟам азы. 

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лашәриаԥҳа абаҩрҵәыра иазкны

Азакәан иҳәаақәнаҵоит абаҩрҵәыратә усбарҭақәа русура, ишьақәнарӷәӷәоит аспорттә хьыӡқәа, азыҟаҵаҩцәеи аҟазацәеи рԥышәатә категориа, иалкаауп аспортсменцәа рзинқәеи ирыду рмаҵуратә ҭакԥхықәреи. 

Азакәан аҟны иарбоуп аспортсменцәа аетикатә ԥҟарақәа ишрықәныҟәаша, дара азин рымаӡам еиуеиԥшым алашыҩкратә хәмаррақәа рыҽрылархәра, иара убас аспортсменцәа азин рымаӡам аицлабраҟны аисара рыбжьаҵара. Асанитар-гигиенатә ԥҟарақәа ирықәныҟәалароуп, амедицинатә гәаҭарақәа ирхыслароуп.  

Адепутат Баҭал Табаӷәуа иазгәеиҭеит, Аԥсны еиуеиԥшым аспорт хкқәа рзы ахеилакқәа шаԥҵоу, аха дара аҳәынҭкарраҟынтәи ацхыраара ҳәа акгьы шырмоуа. Азакәан аҟны ари апроблема аӡбаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа арбаӡам, уи аҟнытә иара ажәалагала ҟаиҵеит, хшыҩзышьҭра арҭарц аолимпиатә спорт хкқәа.