Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит аҳақьымцәа COVID-19 аҟынтә ацхырааразы иаарышьҭырц

Урыстәылатәи аҳақьымцәеи Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпитали аԥсуа коллегацәа акоронавирус аҿагылараҟны ирыцхраауан 2020 шықәса ҭагалани 2021 шықәса аӡынреи.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра урыстәылатәи рколлегацәа рахь ашәҟәы нанашьҭит ареспубликахь акоронавирус аҿагыларазы аспециалистцәа аарышьҭырц азы. Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥысыз ипресс-конференциаҿы.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ахада идигалеит аԥкрақәа рӷәӷәазарц

"Аминистрреи атәыла анапхгареи ашәҟәы рҩит урыстәылатәи ҳколлегацәа ааны акоронавирус иаҿагыланы ақәԥараҿы иҳацхраарц, аха убри аан еилкаатәуп дара рҿгьы ачымазара аизҳара ишаҿу. Ари азҵаара уажәазы Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахәаԥшра иаҿуп", - иҳәеит иара. 

Убри аан Быҭәба иазгәеиҭеит аԥсуа медицина ахалагьы акоронавирус иаҿагылартә ишыҟоу, аха урыстәылатәи аспециалистцәа аазҭгьы уи аус иаҳа имариахон.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аусура иалагеит Аԥсны жьҭаара 20 2020 шықәсазы, ихнаркәшеит хәажәкыра 1 2021 шықәсазы. Иара убас урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа рҟынтәи аҳақьымцәа рыбригадақәа мызқәак ирылагӡаны Гәдоуҭатәи аковид-хәшәтәырҭаҿы аус руан, ирымаз аԥышәа рымардон, аԥсҭазаарақәа еиқәдырхон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: