Быҭәба: Аԥсны COVID-19 аизҳара шыҟало убартә иҟан

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба атәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазкыз ипресс-конференциа мҩаԥысит Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҟны аҩаша ԥхынгәы 13 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны акоронавирустә инфекциа аизҳара шыҟало убартә иҟан, избанзар ауааԥсыра аҽыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәомызт иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ахада идигалеит аԥкрақәа рӷәӷәазарц

Иара иазгәеиҭеит атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩу, аҳақьымцәа тәамҩахә рымамкәа аус руеит.

Ԥхынгәы 13 ашьыжь иҟоу адыррақәа рыла, акоронавирус злоу ачымазцәа 288-ҩык атәыла ахәшәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп. Урҭ рыхәшәтәразы аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵоит. 

Быҭәба иара убас иазгәеиҭеит ачымазара ачарақәа рышьҭахь ишышьҭыҵуа.

Ԥхынгәы 5 инаркны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала иаанкылоуп иарку ахыбрақәа рҟны ауаа рацәа злахәу аусмҩаԥгатәқәа.

Ԥхынгәы 12 инаркны акультура аминистр Гәдиса Агрба идҵала акультуратә усбарҭақәа русура аанкылоуп.