Ԥшьҩык атуристцәа акоронавирус рыманы Гагратәи ахәшәтәырҭа иҭоуп

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19 нызқьҩык иреиҳахеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik, Бадри Есиава. Ԥшьҩык атуристцәа акоронавирус рыманы Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа иҭоуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Жәлар Реизара адепутатцәеи иареи реиԥылараан ԥхынгәы 13 рзы.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ахада идигалеит аԥкрақәа рӷәӷәазарц

Иара иазгәеиҭеит арҭ апациентцәа Краснодартәи атәылаҿацә ахәшәтәырҭахь ишиагатәу, аха уаҟа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҽарцәгьеит, иазгәаҭоу ахҭысқәа еиҳахеит ҳәа.

Жәлар Реизара асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәеи рзы аилак аилатәара иалахәуп Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорики.

Иара убас аилак аилатәараҿы ирылацәажәан аковидҿагыларатә ԥкрақәа рырӷәӷәаразы иҟаҵатәуи аенергетикаҿы иҟоу аҭагылазаашьеи.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ажәалагала ҟаиҵеит акоронавирус аҿагыларазы аԥкрақәа иҵегьы ирӷәӷәазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: