Арадио

Қәычбериаԥҳа аԥкрақәа рзы: гьамас иаҵои учара, иухҟьаны ажәлар чмазаҩхозар

Аԥкрақәа ралагара азҵаареи урҭ ирымоу алҵшәа атәи арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит ажурналист Анжела Қәычбериаԥҳа.
Sputnik
Қәычбериаԥҳа аԥкрақәа рзы: гьамас иаҵои учара, иухҟьаны ажәлар чмазаҩхозар

"Ачарақәа рура иаарту аҭыԥқәа рҿы азин иахәҭамкәа ирыдыркылеит. Уи ашьҭахь ауп зынӡа атәыла аныбга. Ҳауаажәларгьы нормак рымаӡам. 700-800-ҩык ахьеизуго 100-ҩык уеизгьы ирыхьуеит ачымазара. Убри иҟарымҵараны ирыдыркылеит. Уажәшьҭа иаларгало аԥкрақәа ирықәымныҟәар ада ԥсыхәа ыҟаӡам. Ачарақәа рымуроуп. Аҭаацәара иалалаз неины рыҩны инхааит, ажәлар еизганы ачара умур ҟалоит иахьатәи аҭагылазаашьазы. Аха уи азы ахдырра ыҟазароуп. Хәыҷык ҳхы ԥхьаҳкыр иаҳа еиӷьуп. Ауаҩы ачара иуеит, иҭахуп бзиарак иашҭаҿы иҟалар, аха уара иухҟьаны ажәлар чмазаҩхар, уи иаҳагьы еицәоуп, гьамас иаҵои учара. Аҭынхацәа ԥхашьаны имнеир руӡом, ианнеилак, ирыхьуагьы рыздырӡом, абасала ауаа еицәыԥхашьо мацара иахьа ҳхәышәтәырҭақәа зегьы ҭәны, аҳақьымцәа иахьтәо изымгыло, иааԥсаха, шықәсык инеиҳауп ахәышәтәырҭаҿы иҟоижьҭеи", - ҳәа лҳәеит Қәычбериаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: