Аԥсуа қыҭа Алаҳаӡы Аԥсны ада, уи анҭыҵгьы ахьӡ наҩхьеит. Есышықәса зықьҩыла аԥсшьаҩцәа арахь иаауеит. Урҭ ара еиҳарак изыргәаԥхо амшын иахьазааигәоу, иахьҭынчроу, аҳауа цқьеи ашәаԥыџьаԥ еинҭәылеи ахьыҟоу азоуп. Ара иҟаӡам ақьафурҭақәа, асасааирҭа дуқәа, амузыка абжьы цәгьаны џьарантә иуаҳауам. Ара иҟоуп асасааирҭа хәыҷқәа, аӡәырҩы ахатәы ҩнқәа, ма амҿтәы коттеџьқәа рҿы рыԥсы ршьоит.
Алаҳаӡы иахьатәи аамҭазы инхоит 2500-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Урҭ рхы ныҟәыргоит ақыҭанхамҩа, ахәаахәҭра, аԥсшьаҩцәа рыдкылара уҳәа рыла. Алаҳаӡы ахьӡ ус баша иҟамлеит. Ара жәытәнатә аахыс инхоз ауаа аӡыхь аханы игылаз алаҳа амҵан аныҳәарақәа мҩаԥыргон