АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 530-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 187-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 157-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 43-ҩык, ибжьаратәуп - 41-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 29-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 49-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>