Арадио

Габелаиа амаинингқәа рзы: ауаа ҟәрышьк аладырҳауеит, аха фымцада ҳшаанхо ҳазхәыцроуп

Очамчыра араион аҟны амаинингқәа раҿыхразы иарбан знеишьоу иалырхыз, уи ауааԥсыра ишрыдыркылаз, адҵа анагӡараҿы иарбан уадаҩрақәоу иҟоу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Sputnik

Ааигәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи ашәарҭадаратә маҵзуреи, афымцамчтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи алархәны инарҭбаау аилатәара мҩаԥигеит. Амшхәаԥштә аҟны иқәгылан азҵаарақәа хԥа: изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иаҿагыланы ақәԥара иазку аусмҩаԥгатәқәа; атуристцәа ршәарҭадара алыршара; акоронавирустә чымазараҿкы аҿагылара иазку ауснагӡатәқәа.

Габелаиа амаинингқәа рзы: ауаа ҟәрышьк аладырҳауеит, аха фымцада ҳшаанхо ҳазхәыцроуп

"Иҳарцәахьеит афермақәа рацәаны, аусқәа цоит иахьагьы… Рыцҳарас иҟалаз, афермақәа рус аӡбара иаҳа имариоуп, аха урҭ анаҳаркы, иԥсаҟьаны анхацәа ирыларҵеит. Иацы ҩышәҩык инарзынаԥшуа ауаа еизеит "ҳара афермақәа ҳамам, хныҟәгашьас иҳамоу абри акоуп, анхацәа ҳхы ҳазныҟәгом, шәаҳҟәаҵ" ҳәа", - иҳәеит Габелаиа. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: