Аенергетикеи акоррупцеи русхкқәа рҟны имҩаԥырго апрокурортә гәаҭарақәа лҵшәадоуп

Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба араионтә прокурорцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит, аԥшьаша ԥхынгәы 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аенергетика ахылаԥшреи акоррупциа аҿагылареи рзы араионқәа рҟны имҩаԥгаз апрокурорттә гәаҭарақәа лҵшәадоуп, дара алеишәатә лахьыҭара роуит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада асаит.

Иарбоу аусқәа рҟны апрокурорцәа имҩаԥырго ахылаԥшратә уснагӡатә алацәажәаразы аилатәара мҩаԥигеит Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба. 

Иҟоу аҭагылазаашьа анҭҵааха ашьҭахь араионқәеи ақалақьқәеи рпрокуратурақәа иарбоу ахырхарҭақәа рҟны ргәаҭарақәа рыҩаӡара ашьҭыхразы анапынҵақәа рыҭоуп, анагӡаразы аҿҳәара азԥҵәаны.