Акоронавирус злаз хҩык рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19595-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16050-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 272-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 601-ы атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 189-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 80 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс, иара убас рыԥсҭазаара иалҵит 65 шықәсеи 72 шықәсеи зхыҵуаз апациентцәа ҩыџьа.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 165-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 46-ҩык, ибжьаратәуп - 49-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 45-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 44-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>