Даур Ақаҩба усутә ныҟәарыла Никарагуаҟа дцеит

Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Урыстәыла ашьҭахь, 2008 шықәса рзы, уажәшьҭа 12 шықәса ҵуеит аҩтәылак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылоуижьҭеи.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба усутә ныҟәарыла Никарагуаҟа дцеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Ақаҩба Никарагуа иҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи иареи реиԥыларақәа азԥхьагәаҭоуп.

Иара убас Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр дрылахәхоит Сандинисттәи ареволиуциа 42 шықәса ахыҵразы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Цәыббрамза 3 2008 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит. Цәыббрамза 10 2009 шықәса рзы Аԥсни Никарагуеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.

Сандинисттәи ареволиуциа ԥхынгәымза 19 1979 шықәса рзы Никарагуа аҳра зуаз Анастасио Сомоса ирежим ахыбгаларала ихыркәшахеит. Убри инаркны ари амш ареспубликаҿы ҳәынҭқарратә ныҳәак аҳасабала иазгәарҭоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: