Арадио

Кәарцхьиа еиҭеиҳәеит рыԥсшьарҭатә ҩнаҿы ачымазараҿкы рыҽшацәырахьчо атәы

Аԥсшьарҭа ҩны "Самшитовая роща" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Кәарцхьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит дара рыԥсшьарҭаҿы ачымазараҿкы аҽацәыхьчаразы аусурақәа шеиҿкаау атәы.
Sputnik
Кәарцхьиа еиҭеиҳәеит рыԥсшьарҭатә ҩнаҿы ачымазараҿкы рыҽшацәырахьчо атәы

Асасааирҭаҿы аҭыԥқәа зегьы ҭәуп, убри аан еиҭа аԥсшьаразы агәаҳәара зҭаху маҷым ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарцхьиа. Аԥсшьарҭа ҩны аусзуҩцәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп ичмазаҩхазгьы, урҭ зегьы рыҩны ирхыргоит, аха аусураҿы ирыхьит ҳәа аҳәара уадаҩуп, избанзар, зегьы ҳусура адагьы џьара ҳнеиуеит-ҳааиуеит, иҳәеит Кәарцхьиа.

Аԥсшьарҭа ҩны "Самшитовая роща" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, ҵыԥх асанитартә маҵзураҟынтә ирыҭаз анапынҵақәа иахьагьы ишынарыгӡо.

"Ҳасасцәа анааилак, ршоура ҳшәоит. Асабрадақәа рҿоуп, арзҩыдаратә маҭәашьарқәа рхы иадырхәоит. Анаҩс, мышқәак ааҵуаны еиԥш ршоура халар, ҳсасаирҭа аҩнуҵҟа иарҭоит ашьа, уи Шәачаҟа идәықәаҳҵоит аҭҵааразы, аҭак анааилак, аҳақьым ишьақәиргылоит ихьыз. Ачымазараҿкы азы агәҩара ҟалар, акарантин ахь дышьҭхоит, хымш-ԥшьымш рышьҭахь ишоура мтәар, ахәшәтәырҭахь ддәықәҵахоит. Асасааирҭа аҩнуҵҟа асасцәа рахьынтә асабрада зхоу дыҟоуп, изхамгьы дубап. Доусы ишиҭаху, аӡәгьы идаҳцалом", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарцхьиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: