Аҟазара зегьы рзы: "Guma art station" аартын Аҟәа

Аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" ргылан 1940 шықәсазы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ари аҭыԥ гәыгәҭыжьны иҟан, аха 2019 шықәсазы қьырала ахатәхаҿы иҭан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟазарҭа аплатформа "Guma art station" аартра мҩаԥысит Аҟәа ԥхынгәы 16 рзы.

Аихамҩатә станциа "Гәыма" аҟазара злоу, уи ӡырызгар зҭаху зегьы рзы зеиԥш ҭыԥуп.

Аҟазара зегьы рзы: "Guma art station" аартын Аҟәа

"Guma art station" аартра аҽны имҩаԥган афотоцәыргақәҵа, амузыкантцәа хәмаруан, акрыфа-чара ахыбрақәа аартын, ахәылбыҽха еизаз зегьы аԥхынтәи акинотеатр аҟны идырбан афильм "Время счастливых находок".

Апроект анапхгаҩы Шьарида Ҭыжәба лажәақәа рыла, "Гәыма" аҟыбаҩ злоу аҿар рзы иаарту ҭыԥуп.

"Амшын аԥшаҳәа ада ҳақалақь егьырҭ аҭыԥқәа аԥсы ахьҭало сеигәырӷьоит. Аҟәа ирацәоуп ас еиԥш еиҿукаар ахьыҟало аҭыԥқәа. Сгәы иаанагоит, ари апроект анҵыра аиуеит ҳәа", - лҳәеит аусмҩаԥгатә иаҭааз Наста.

Аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" ргылан 1940 шықәсазы, апавилионқәа 1947 шықәсазы. Раԥхьа ари аҭыԥ иахьӡын "Аботаникатә баҳча", ашьҭахь "Бараташвили", уи ашьҭахь "Баратов". 90-тәи ашықәсқәа рзы ауп "Гәыма" ҳәа ахьӡ анахырҵа.