Акурортқәа рыбжьара зегь раасҭа афатә ахьыхаау ҳәа Гагра алыркааит

Гьамала акрыфара амш аназгәарҭо ԥхынгәы 16 рзы аԥсшьаразы заа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ахьаҿарҵо аинтернет ҳақәа рыҟны а́зҵаарақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik

 АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа акурортқәа рыбжьара рыԥсшьара аамҭазы зегь реиҳа афатә ахьыхаау, гьамала акрахьырфо ҭыԥны иалыркааит Гагра. Абри атәы аныԥшит аԥсшьаразы заа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ахьаҿарҵо TVIL.RU аинтернет ҳақәа рыҟны иҟарҵаз аҭҵаарақәа.

Гьама ҳаракыла афатә абзиабаҩцәа рыбжьара Гагра 23% рыбжьы арҭеит, Шәача аҩбатәи ацәаҳәаҟны игылоуп - 21%, ахԥатәи Казань -17%.

Зегь реиҳа афатә хааны иахьыҟарҵо ҳәа иалкаау жәа-қалақьк:

  • Гагра, 23%
  • Шәача, 21%
  • Казань, 17%
  • Санкт-Петербург, 15%
  • Севастополь, 7%
  • Москва, 5%
  • Пиатигорск, 5%
  • Ростов, 4%
  • Воронеж, 1%
  • Волгоград, 1%                      

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: