Арадио

Ашәба Владимир Аҩӡба Ҭырқәтәыла еизигаз алафқәа рзы: аԥсуа цәа рхоуп

Владимир Аҩӡба Ҭырқәтәыла даныҟаз еизигаз анекдотқәа знылаз ашәҟәы ҭыҵит. Аҭыжьымҭа аредактор Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аҵарауаҩ-аетнолог Арда Ашәба еиҭеиҳәеит уи иагәылалаз атекстқәа арбану, насгьы азҿлымҳара аҭара заҭаху.
Sputnik
Ашәба Владимир Аҩӡба Ҭырқәтәыла еизигаз алафқәа рзы: аԥсуа цәа рхоуп

"…иара кьаҿны аҵакы ауны, уаршанхо аҟынӡа иҟоу алафқәа ыҟоуп. Уи аԥсуа цәа ахуп, аԥсуа хәыцшьа, афилософиа, еиҳараӡак иахьеи–уахеи Аԥсны иаҳҳәо аашьара иазку, аҿықәтәара, аҽӷьычра ирызку акыр ирацәоуп", - иҳәеит Ашәба.

Иара иазгәеиҭеит Владимир Аҩӡба Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс Ҭырқәтәыла ҩажәа шықәса иҟазаара иалагӡаны еизигаз аматериал шырацәоу, уи ҩажәа шәҟәы рҟынӡа алҵыр шалшо.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: