АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. 2003 шықәсазы ииз уаанӡа хабарда дыбжьаӡит ҳәа зыԥшаара рыларҳәахьаз Урыстәыла атәылауаҩ дырбеит аушьҭырҭатә пункт "Адлер" аҟны Красножартәи атәылаҿацә иатәу Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Арԥыс аҳәаа ахысра ирымҭеит, уи ишьҭаз Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Москва ақалақь иатәу аусбарҭахь дрырҭеит.
Аҳәаахьчаратә усбарҭа ауаа иргәаланаршәоит Афедералтә закәан "Урыстәылатәи Афедерациа иалҵны ацареи алалареи рыԥҟарақәа рзы" ахәҭаҷ 15 инақәыршәаны Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ атәыла далҵны дцар ҟалом анаҩстәи аҭагылазаашьақәа раан:
- ацәгьоуразы ахара идырҵахьазар, уи ахара ихигацзар;
- аррахь днарыԥхьахьазар;
- аӡбарҭа иқәнаҵаз ахыдҵақәа рынагӡара иҽацәхьеикуазар;
- Урыстәылатәи Афедерациа алҵразы иԥаршеиу адокументқәа рыдигалазар;
- имаз-ихӡыз зегьы импыҵҵызар (абанкротра дақәшәазар - аред.).