Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵыз 275-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19778-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16078-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 275-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 578-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 183-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 69 шықәсеи 72 шықәсеи зхыҵуаз апациентцәа ҩыџьа. Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1952 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 179-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 41-ы, ибжьаратәуп - 41-ы.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 26-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 44-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>