Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәакәасқьырԥҳа аковидҿагыларатә ԥкрақәа зырӷәӷәатәу иазкны

Ауаажәларратә усзуҩ Ирина Кәакәасқьырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аиҳабыра рахь ааԥхьара зыҟарҵаз, аԥкрақәа рырӷәӷәара дзадгылаҩу атәы.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Кәакәасқьырԥҳа аковидҿагыларатә ԥкрақәа зырӷәӷәатәу иазкны

Аковид ҿкы аԥсҭазаараҟны иацу ашәарҭара иҟалап макьаназы зегьы рхахьы ирзаамгозаргьы. Мызкы аахижьҭеи ҳтәылаҿ уи еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауеит. Апандемиа аамҭазы Аԥсны аҿкы рыхьхьеит иахьазы 19 нызқьҩык инареиҳаны, рыԥстазаара иалҵхьеит 272–ҩык. Ари аҭагылазаашьаҟны ҩаԥхьа аԥкрақәа алагалоуп, аха урҭ еиҳагьы рырӷәӷәара ҳаднаҵоит ҳазҭагылоу аамҭа. Аҭагылазаашьа азгәаҭаны ауаажәларратә еилазаара ахаҭарнакцәа атәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит аԥкрақәа дырӷәӷәарц. Ааԥхьара знапы аҵазҩыз дыруаӡәкуп Ирина Кәакәасқьырԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: