Ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз Аԥсны аҳәынҭқарратә ансамбль аҽазыҟаҵаратә зал аргыларазы атәыла аиҳабыра арезервтә фонд аҟынтәи иоунажьуеит 5 миллион мааҭк инацны. Абри атәы аанацҳаит Аиҳабыра реилазаара аофициалтә саит. Ҳаамҭазы акультуратә усбарҭақәа русура шаанкылоугьы, ансамбль уажәаԥхьа аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥыргоз, русура шеиҿкааз атәы еиҭеиҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ҭаниа.
"Аҿар аҟыбаҩ злоу ыҟоуп. Ауаҩы дызҿу аус бзиа ибаны даҿызароуп. Зус бзиа избо, аҟыбаҩ злоу рацәаҩуп. Иахьа ауалафахәы змоуагьы хәҩык-фҩык ыҟоуп иахьа уа аусураҟны исыдгылаз иааины. Сара раԥхьа шьаҿас иҟасҵаз, ансамбль ажәытә программа аҭыԥ ақәҵара ҳалагеит. Ҳаԥхьаҟа кәашарақәак ықәсыргылар сҭахуп. Ҭырқәтәыла 8 шықәса аус зуан, иҭысҵааз узцәыԥхамшьаша иҟоу акәашарақәа ықәсыргылар сҭахуп", - иҳәеит Ҭаниа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аргәын акультуратә усбарҭақәа рзы аԥкрақәа ртәы: амузеи ашә аркра иашам ҳәа ҳаԥхьаӡоит
Џьапуа акультуратә хыбрақәа рҟны аԥкрақәа рзы: изыҟарҵеи ҳәа аколлектив рҟынтә исмаҳаит