Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәын акультуратә усбарҭақәа рзы аԥкрақәа ртәы: амузеи ашә аркра иашам ҳәа ҳаԥхьаӡоит

© SputnikАлхас Аргун
Алхас Аргун  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Анапаҵаҩра
Акультуратә усбарҭақәа рзы иалагалоуп аԥкрақәа. Афонҿыцтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" иаҵанакуа Аԥсны аҳра амузеи аиҳабы Алхас Аргәын уи азы игәаанагара иҳәеит.

Аԥсны акультура аминистрра иаҵанакуа акультуратә усбарҭақәа русура аанкылахеит ԥхынгәы 12 инаркны. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит акультура аминистр Гәдиса Агрба.

Аргәын акультуратә усбарҭақәа рзы аԥкрақәа ртәы: амузеи ашә аркра ииашам ҳәа ҳаԥхьаӡоит

Ацәыргақәҵа иаҭаауа ауаа мышкы 50-ҩык рҟынӡа инеиуеит, дара зегьы еижәыланы иныҟәаӡом ҳәа азгәеиҭеит Аргәын аиҿцәажәараҿы.

"Аӡәы-ҩыџьа, ҭаацәала, агәыԥ маҷқәа рыла ианааиуа ыҟоуп. Аҿкы чымазара змоу рхыԥхьаӡара ацлара аԥсшьаҩцәа рааира иахымҟьаӡеит, изыхҟьаҵәҟьо ҳара-ҳара ҳабжьара инаҟәааго аҵасқәа, ҳатрадициақәа роуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аԥсшьара ҳәа иааз рахьынтә аӡәык ҩыџьак роуп ачымазара зыдбалаз, сара исымоу аинформациала. Ҳколлектив аҿы ҳзыцәшәаша зықәра неихьоу илхылгахьеит ачымазара. Амузеи аус амур ҳусзуҩцәа аҩны итәоит, аҩны итәар, ауалафахәгьы роуӡом, избанзар амузеи ҳәынҭқарратәуп, аха абиуџьет аҟынтә иҭало аусзуҩцәа руалафахәы ахшәаара иазымхаӡакәа иҟоуп, хәҭа хәыҷык ауп уахьынтә ирызшәо, егьырҭ зегьы аԥсшьаҩцәа рааираҟынтә ауп ишроуа. Насгьы аԥхын маҷк рхы иахәартә еиԥш аҭагылазаашьа аныҟоу аамҭоуп. Аколлектив зегьы злахәыз аизараҿы амузеи ашә аркра иашам ҳәа азгәаҭан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0