Аҟәа иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны ҩыџьа ҭахеит

Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҵакыраҿы, асааҭ 20:00, асабша ԥхынгәы 17 рзы аиҿахысра аҭыԥ аман, абри атәы лҳәеит ааигәа игылоу аҩнқәа руак аҟны инхо аԥҳәыс.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Аҟәа иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны ҩыџьа ахацәа ҭахеит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ахҭыс ахьыҟалаз ааигәара инхо, зыхьӡ зымҳәаз аԥҳәыс.

Лара илымоу адыррақәа рыла, ааигәа ииасуаз хаҵак машәырла ахы иаахеит, иара ареспубликатә хәшәтәырҭа аҟны ацхыраара ирҭоит. 

Ацхыраара лас астанциа аҟны ирҳәеит дара неиаанӡа ихәыз ауаа ахәшәтәырҭахь ишыргаз. Иҟалази ааха шаҟаҩи ироузи азы аинформациа шрымам.

Амчратә усбарҭақәа рҟынтәи аинформациа ыҟам.