Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа, Бедиа. Бедиа ду 100 метрак автомабилтә мҩа-хәҭа ҭабгеит, иалшоит афымцацәаҳәа Аҽгәара-220 ашьаҟақәагьы аҭыԥ иахысыр, уи адагьы аҿҟьарала ҵаҟа илеиуа адгьыл аӡиас ихықәгылахьеит. Адгьылҳәазара иахҟьаны зыҩнқәа ааха роуз аҭаацәарақәа аҳәынҭқарра ацхыраара рынаҭеит.
Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асаоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.