АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Автомашьына Honda аекскурсиатә автобуси еиҿаст аӡиа Риҵа ахь узго амҩан, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
"Аӡиа иаҵәа уахьынахысуа ауп амашәыр ахьыҟалаз. Аекскурсиатә автобус Риҵантәи илбаауан, иҭәын", - иҳәеит иара.
Риҵа амҩан амашьынеи аекскурсиатә автобуси еиҿаст
© Foto / соцсети
Багаҭелиа имоу адыррақәа рыла, амашьына аԥсҟы зкыз ишьапы ԥҵәеит, Аҟәатәи ахәшәтәырҭахь днагоуп, аекскурсиа амҩаԥгаҩ дхәахәеит, аԥсшьаҩцәа аӡәгьы ааха рмоуит.