Адлеиба отаԥтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы: сынтәеиԥш ауаа рацәаны иҳамбацызт
© Sputnik
Арҭ амзақәа рзоуп атуристцәа еиҳарак еиҳаны ианҳауа, мышкы 40-70 рҟынӡа ауаа анааиуа ыҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Адлеиба аиҿцәажәараҿы.
"Сынтәа ҳаҽҳарҭбааит. Амагәқәа иҳамаз рхыԥхьаӡара иацаҳҵеит, ртәарҭа-ргыларҭа иаҳа иҳарҭбааит. Ҵыԥх ачымазара иахҟьаны аԥсшьаҩцәа маҷын, аха сынтәеиԥш ауаа рацәа иҳамбацызт. Аҳаԥы ашьҭахь изҭаху аԥацхахь инеиуеит. Аԥсуа чыс рыдаагалоит. Афатә бзианы иҟазҵо ауаа ҳамоуп. Арыжәтәгьы бзиоуп. Избоит, ҵыԥх-ҵыԥхцәа иҟаз еиҭа ауаа рыман иаауеит, убри ала иуҳәар ҟалоит аԥхьаҟа еиҭа ацлара шыҟало, аихаҳара шыҟало, ауаа шырацәахо", - ҳәа иҳәеит Адлеиба.
Абраскьыл иҳаԥы аиҳабы иҳәеит иара убас асанитартә нормақәагьы иахьынӡарылшо ишрықәныҟщо.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.