Аԥсны Апрокуратура хада Аҟәа иҟалаз аиҿахысразы ашьаус хацнаркит

Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы ԥхынгәы 17 ахәылбыҽха иҟалаз аиҿахысраан рыԥсҭазаара иалҵит Руслан Гәдалиеи Беслан Ӡыбеи.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Апрокуратура хада ашьаус хацнаркит Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы ҩыџьа ахьҭахаз аиҿахысра ахҭыс азы. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Бадра Аиба.

Аԥсны ААР аҟны Аҟәа аиҿахысра аан иҭахаз рыхьӡқәа рҳәеит

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аиҿахысра ҟалеит асааҭ 19:54 рзы, Цәыббра 30 амҩа, №8 аҩны аҿаԥхьа.

Ихәыз хҩык ацхыраара рыҭаразы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инаган.

Руслан Гәдалиеи Беслан Ӡыбеи иаразнак рыԥсҭазаара иалҵит, Аслан Зыхәба ареанимациаҟны дышьҭарҵеит, иԥсеиқәырхара иаҿуп.

Аԥсны ААР ашьаусԥшаара-оперативтә гәыԥи аексперт-криминалисттә центр аспециалистцәеи аусура иаҿуп. Имҩаԥыргоит ари ацәгьоура ҟазҵаз ахаҿқәа рыԥшааразы ауснагӡатәқәа.