Арадио

Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп: Бжьаниа ақыҭаҿы ахныҟәгашьа иазкны

Оҭҳара ақыҭан инхо, занааҭла ирҵаҩу Амиран Бжьаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҿар зегьы ақыҭа ааныжьра рҭахуп ҳәа аҳәара шиашам, иҳәеит ақыҭаҿы ахныҟәгашьазы иҟоу алшарақәеи ауадаҩрақәеи ртәы.
Sputnik
Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп: Бжьаниа ақыҭаҿы ахныҟәгашьа иазкны

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.