Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҳәԥҳа Гал амш иазкны

Гал ақалақь иахьа 89 шықәса ахыҵит. Уи аԥызҵаз ҳәа аҭоурых аҟны дарбоуп Ҭлабӷан Қьецба. Гал араион аҵара аусбарҭа аметодист Ельмира Аҳәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ақалақь аҭоурых, амшныҳәа сынтәа ишазгәарҭо.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҳәԥҳа Гал амш иазкны

"1932 шықәса инаркны Гал ақалақь астатус амоуп. Иахьа 89 шықәса ахыҵит. Гал араион Аԥсны ихадоу ахәҭа шьақәнаргылоит - аԥсуа аҳра иатәыз Самырзаҟан. Иара ахьӡ аагоуп аҳ Мырзаҟан Чачба иҟынтә, иара идгьыл акәын иаанагоз. Адгьыл ақәаарыхра, аԥсадгьыл абзиабара аадырԥшуан араҟа иқәынхоз. Иахьазы Гал ақалақь аҟны инхоит 7-нызқь хәыҷык инацны ауааԥсыра. Араион аҟны 30 нызқьҩык инацны инхоит", - лҳәеит Аҳәԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

  • "Аӡырҳәыԥныҟәцаҩцәа рыҩны": Галтәи аспортбаза аҭагылазаашьа