Арадио

Џьопуа Аҟәа ацхыраара лас амашьынақәа азаахәаразы: иҳамоу хәыҷы-хәыҷла иԥсахлатәуп

Ҳазреҭ Совмен Аԥсны 50 миллион мааҭ ҳамҭас иазааишьҭит акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәаарази азинхьчаратә усбарҭақәа рыцхраарази. Урҭ рыла Аҟәатәи аҟәшазы иаахәахоит ацхыраара лас амашьынақәа, абри атәы иҳәеит Аслан Џьопуа, аҳҭнықалақь ацхыраара ласы аҳақьым хада.
Sputnik
Џьопуа Аҟәа ацхыраара лас амашьынақәа азаахәаразы: иҳамоу хәыҷы-хәыҷла иԥсахлатәуп

Џьопуа аиҿцәажәараҿы иазгәеиҭеит иаахәахо рахьынтә машьынак – ареанимобиль шакәу. Егьи – иҷыдоу ацхыраара ҟазҵо ауп иҳәеит иара. Џьопуа иажәақәа рыла, ирымоу амашьынақәа рахьтә еиҳа иҿыцу 14 шықәса ҵуеит иаархәеижьҭеи.

"Иҳамоу ацхыраара ласы амашьынақәа хәыҷы-хәыҷла иԥсахлатәуп. Иҳауа машьынак ареанимобиль акәхоит, иара зегь рыла еиқәыршәахоит. Ачымазаҩцәа хьанҭақәа зланыҟәырго ауп. Иара убри амашьынаҿы ачымазаҩ ахәышәтәырҭа аҟынӡа днеиаанӡа раԥхьатәи ацхыраара иоуртә дҟалоит. Иҟан ахҭысқәа ари амашьына ыҟазҭгьы, даара иаҳхьахәарыз, аха иара аныҟам, ҳнапы ҿаҳәоушәа, акгьы ҳзыҟаҵаӡом", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: