Арадио

Габелиа: ачыс хаақәа анызӡуа, ԥсшьарак исзаҩызоуп

Аторт Жәларбжьаратәи амш ауп ԥхынгәы 20. Ачыс хаақәа ҟазҵо Баҭал Габелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ари аус ихы шазикыз.
Sputnik
Габелиа: ачыс хаақәа анызӡуа, ԥсшьарак исзаҩызоуп

"Ачыс хаақәа рдунеи саныхәыҷыз иҭысҵаауа салагеит, сан лоуп уи агәыбылра сзыркыз. Раԥхьатәи сторт 18 шықәса анысхыҵуаз иҟасҵеит. Уи "Панчо" акәын. Исцәыуадаҩын аԥхьа саналагоз, зны-зынла икасыжьыр сҭахын, аха сҩызцәеи сҭаацәеи агәра сдыргон уи аус шалҵуаз. Урҭ рыбзоуралоуп сус ԥхьаҟа ицартә иҟазҵаз. Аԥхьа иџьаршьон аҷкәын атортқәа ҟаиҵоит ҳәа, аха счыс хаақәа алҵшәа бзиа аарышьҭуа ианалага, даргьы азҿлымҳахеит, насгьы аҿаҵатәқәа сырҭо иалагеит", - иҳәеит Габелиа.

Шәазыӡырҩы аудио.