Адлертәи аӡбарҭаҿ Аԥсны аҳәааҟны иаанкылоу анаркодилер хышықәса иқәнаҵеит

Ахаҵа Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьар метадон аиагара иҽазишәон.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Шәача ақалақь Адлертәи араионтә ӡбарҭа Аԥсны аҳәааҟны иаанкылаз, Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьар метадон аиагара зҽазызшәоз анаркодилер хышықәса аҭакра ихыгара иқәнаҵеит азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҟны. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгараҭара апресс-маҵзура.

Азинеилагаҩ даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы Урыстәыла аҵакыра даналҵуаз.

Ахаҵа иавтомашьынаҿы аметадон ԥшаан.

Урыстәыла аиҳабыра рықәҵара №681 (30.06.1998) "Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахылаԥшра зҭатәу анаркотиктә маҭәашьарқәеи урҭ рышьақәырӷәӷәаразы" инақәыршәаны мефедрони метадони анаркотиктә маҭәашьаруп ҳәа асиа иарбоуп.

Атәылауаҩ ахара зызидырҵо ацәгьоурахь иаҵанакуеит: Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 229.1 актәи ахәҭа (анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабанда).