Ахаҵа Аԥснынтәи Урыстәыла абџьар алагалара игәҭакын

Азинеилагаҩ даанкылан аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысраан. Абџьар имхны абаллистикатә експертизахь инашьҭын.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Ахаҵа Аԥснынтәи Урыстәыла абџьар алагалара игәҭакын ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа.

Иара даанкылан аурыс-аԥсуа ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы.

Абџьар имхны абаллистикатә експертизахь инашьҭын. Атапанча иҷыдоу аимитациатә џьаԥҳаны (иҭацәу апатронақәа) рыла ахысра иазкуп.

Абџьари апатронақәеи Урыстәылатәи Афедерациахь алагалара ма Урыстәылатәи Афедерациа алгара азин ыҟоуп Аҳазалхратә еидгыла азакәанԥҵара инақәыршәаны.