Аԥсны аоперштаб: даҽа 171-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 20431-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16552-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 284-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 518-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 171-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 188-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 61-ы, ибжьаратәуп - 25-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 25-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 33-ҩык, урҭ рахьтә 14-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>