АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Сынтәа ажьырныҳәа инаркны лаҵарамзанӡа атуризм 85% илаҟәит 2019 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны ҳәа аанацҳауеит Адунеизегьтәи атуристтә еиҿкаара (UNWTO).
"Атуризм аҭоурых аҿы иреиҳау акризис ҩышықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи. UNWTO адыррақәа рыла, сынтәа ажьырныҳәа инаркны лаҵарамзанӡа атуризм 85% илаҟәит 2019 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны (65% 2020 шықәса иаҿырԥшны)", - ҳәа аҳәоит Адунеизегьтәи атуристтә еиҿкаара.
COVID-19 аштамм ҿыцқәа рцәырҵра иалнаршоит аҩнуҵҟатә туризм ахь еиҳа иласны ахынҳәра жәларбжьаратәи аныҟәарақәа раасҭа ҳәа рҳәоит аиҿкаараҿы.
Сынтәа раԥхьатәи хәымз рзы адунеи аҿы ашәҟәы иҭагалан 147 миллион рыла еиҵаны жәларбжьаратә ныҟәарақәа 2020 шықәса иаҿырԥшны, 460 миллион 2019 шықәса иаҿырԥшны. Аԥкрақәа андырԥшқа, лаҵарамзазы уи маҷк еиҳахеит.
UNWTO 2020 шықәса аҭоурых аҿы иреицәоу шықәсны иазгәанаҭеит. 2019 шықәса иаҿырԥшны ҵыԥх миллиард ныҟәара рыла еиҳа еиҵахеит.
Убри аан Аԥсны атуризм аминистр ишиҳәо ала, сынтәа 30 шықәсатәи арекорд шьақәыргылоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: