Адунеизегьтәи атуристтә еиҿкаара: аусхк арекордтә кризис иҭагылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПоездка на Рицу и Ауадхару
Поездка на Рицу и Ауадхару - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2021
Анапаҵаҩра
Аекспертцәа ргәаанагарала адунеитә туризм апандемиа инадҳәаланы иаиуз ацәыӡқәа рышьҭахь иамаз аҩаӡара 2023 шықәсанӡа иазышьақәнамыргылар ҟалоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Сынтәа ажьырныҳәа инаркны лаҵарамзанӡа атуризм 85% илаҟәит 2019 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны ҳәа аанацҳауеит Адунеизегьтәи атуристтә еиҿкаара (UNWTO).

"Атуризм аҭоурых аҿы иреиҳау акризис ҩышықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи. UNWTO адыррақәа рыла, сынтәа ажьырныҳәа инаркны лаҵарамзанӡа атуризм 85% илаҟәит 2019 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны (65% 2020 шықәса иаҿырԥшны)", - ҳәа аҳәоит Адунеизегьтәи атуристтә еиҿкаара.

COVID-19 аштамм ҿыцқәа рцәырҵра иалнаршоит аҩнуҵҟатә туризм ахь еиҳа иласны ахынҳәра жәларбжьаратәи аныҟәарақәа раасҭа ҳәа рҳәоит аиҿкаараҿы.

Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Хышба: Аԥсны атурсезон аҵыхәтәантәи 30 шықәса рзтәи арбагақәа иреиҳахеит

Сынтәа раԥхьатәи хәымз рзы адунеи аҿы ашәҟәы иҭагалан 147 миллион рыла еиҵаны жәларбжьаратә ныҟәарақәа 2020 шықәса иаҿырԥшны, 460 миллион 2019 шықәса иаҿырԥшны. Аԥкрақәа андырԥшқа, лаҵарамзазы уи маҷк еиҳахеит.

UNWTO 2020 шықәса аҭоурых аҿы иреицәоу шықәсны иазгәанаҭеит. 2019 шықәса иаҿырԥшны ҵыԥх миллиард ныҟәара рыла еиҳа еиҵахеит.

Убри аан Аԥсны атуризм аминистр ишиҳәо ала, сынтәа 30 шықәсатәи арекорд шьақәыргылоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0