Акьыбачымазаратә центр аҿы COVID-пациентцәа рзы 40 ҭыԥ рхиахоит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит, уа ирылацәажәан аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи азинхьчаратә система ареформақәеи рызҵаарақәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 22- Sputnik. Акьыбачымазаратә центр аҿы COVID-пациентцәа рзы 40 ҭыԥ рхиахоит иаҭахханы иҟалозар, абри атәы иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы.

Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрала ҳтәылахь иаараны иҟоуп арратә мобилтә госпиталь

Аминистр иазгәеиҭеит ареспублика амедусҳәарҭақәа рҿы аиара-ҭыԥқәа ишрыцҵатәу аҿкы алаҵәара ӷәӷәа иахҟьаны.

Аоперштаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аковид центр- Гәдоуҭатәи агоспиталь иҭоуп 188-ҩык, араионтә хәышәтәырҭақәа зегьы рҿы иаартуп аковид-ҟәшақәа. Иахьа еилкаахеит Аԥсни Урыстәылеи реилацәажәарала арратә мобилтә госпиталь шаагахо.

Аилацәажәараҿы иазгәаҭан аҳақьымцәа рылшарала ахәшәтәра еиҳа ирццакхо ишалагаз.

Ахада аԥыза-министр инапы ианиҵеит хара имгакәа Акоординациатә хеилак аилатәара мҩаԥганы аԥкратә уснагӡатәқәа реиқәыршәаразы ажәалагалақәа аздырхиарц.