Кристина Озган "Аҽгәара" аремонт аамҭа изахыгоу лҳәеит

Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт азы иреиӷьыз аамҭан ЕгрыГЕС анаанкылаз, аусурақәа лаҵара 1 азы ихыркәшазар акәын.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт иалагам аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рысхема ахьеиҭаку азы, абри атәы лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган абрифинг аҿы.

"Амшынеиқәафымцамч": Аԥсны ЕгрыГЕС аҟынтәи иааиуа афымцамчхара жьҭаарамза инҵәоит

Лара лажәаәқа рыла 2020 шықәсазы аԥсуа ган Урыстәылантә афинанстә цхыраара иаҳәеит.

Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт азы иреиӷьыз аамҭан ЕгрыГЕС анаанкылаз, аусурақәа лаҵара 1 азыихыркәшазар акәын.

"Мҽхакы ҭбаала ашьаҟақәа реиҭашьақәыргылара азыԥхьагәанаҭом иарбоу акапиталтә ремонт. Ацәаҳәақәа аазышьҭуаз иҵәахырҭақәа рҿы ишьҭаз ҳҭахрақәа ирықәшәомызт. Урыстәылатәи аҟазауаагьы ааны иҟан, дара иҳабжьрымгеит арҭ ацәаҳәақәа рхархәара. Апроблемақәа рҽырцәыхьчаразы азеиԥш схема аус адуылан. Уи инақәыршәаны ҩымз аамҭа ҳҭахын. Уажәы амыругақәа зегьы аагоуп уҳәар ауеит. Жәамш рыҩныҵҟала аремонттә усурақәа ҳрылагоит. Аусурақәа зегьы ахылаԥшреи абжьгарақәеи рнапы иануп урыстәылатәи аган", - лҳәеит аминистр.

Аремонт аԥаразоужьра ахыҵхырҭа – Аинвестпрограмма ауп. Аматериал аахәара 106 миллион мааҭ агеит. "Амшынеиқәафымцамч" ахарџьқәа идыртәеит 16 миллион мааҭ. Аԥарақәа арахь ииагоуп Дранда идыргылараны иҟоу абахҭа апроект-сметатә шәҟәқәа реиқәыршәара иазырхаз аҟынтә.

"Дранда идыргылараны иҟоу апенитенциартә усҳәарҭа апроект-сметатә шәҟәқәа реиқәыршәара аан иарбамызт аргыларатә усурақәа рԥаразоужьра ахыҵхырҭа (2,5 миллиард мааҭ). Афинанстә хыҵхырҭа ыҟамкәа ари апроект лҵшәадан. Убри азы аԥарақәа еихаҳшеит. Аԥара ахыҵхырҭа шышьақәыргылахалак аҩахҭа аргыларазы аплан Аинвестпрограмма иазырхынҳәхоит", -  лҳәеит Озган.

Аҽгәаратәи ацәаҳәа ргылан 1956 шықәсазы, аушьҭратә лшара 240 мегаватт ыҟоуп. Ажәытә цәаҳәақәа аҿыцқәа рыла аԥсахра ашьҭахь 320 мегаватт ихалартә иҟалоит.