Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы аиҿахысра иалахәыз даҽаӡәгьы иаанкылашьа азгәарҭеит

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ҩымз ҳәа дарбаандаҩит ахҭыс иалахәыз ҳәа ишьоу Аслан Зыхәба, ахԥатәи алахәыла ҳәа ишьоу Гарри Аҩӡба иԥшаара иаҿуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аӡбаҩ Асҭамыр Тәанба ихантәаҩрала имҩаԥысуаз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәшаҳаҭхеит Игор Гәдалиа ирбаандаҩразы аҳәынҭқарратә харадҵаҩ иҟаиҵаз азыҳәа ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Аӡбарҭа ақәҵарала Игор Гәдалиа ҩымз ҳәа - 2021 шықәса цәыббра 18 рҟынӡа дырбаандаҩуп.

Гәдалиа Аҟәа аҭыԥ змаз ҩыџьа ауаа ахьҭахаз аиҿахысра далахәуп ҳәа дшьоуп. Иара ихарарҵоит Беслан Ӡыба ишьреи закәаншьаҭада абџьар амазаареи.

Ахҭыс ҟалеит Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҿы ԥхынгәы 17 рзы.