Арратә ӡбарҭаҿы иахәаԥшит аомбудсмен Аԥсны АШәМ уаанӡатәи анапхгаҩ изы лышшыԥхьыӡ

Аԥсны аомбудсмен Асида Шьаҟрылԥҳа аӡбарҭаҿы аҳәара ҟалҵеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура уаанӡатәи ахантәаҩы Зураб Марганиа иус иахәаԥшырц АШәМ иатәу аамҭалатәи ауаҩы иаанкыларҭаҿы иҭакыз иқәшәара дахьаԥырхагаз азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23– Sputnik. Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа зыхьчо Асида Шьаҟрылԥҳа арратә ӡбарҭахь дизашшит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура уаанӡатәи ахантәаҩы Зураб Марганиа ҳәа аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра.

Аомбудсмен Апрокуратура хада дадҵаалеит апсихиатриатә хәышәтәырҭа аԥаразоужьразы

Арепортаж аҿы ишаҳәо ала, 2018 шықәсазы, усҟан Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс иҟаз Зураб Марганиа иганахьала аӡбарҭаҿ дашшит.

Лара аҳәара ҟалҵеит иҭакыз ауаҩы иқәшәара дахьаԥырхагахаз ахәшьара арҭарц.

Аомбудсмен лхаҭарнак Анна Жәанԥҳа аӡбарҭаҿ илҳәеит Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ лнапынҵақәа ишрыҵаркуа абахҭа, апсихиатриатә хәышәтәырҭа уҳәа рҿы иҟоу ауаҩы ибара, уи уа иҟазаара аҭагылазаашьазы аинформациа аиура.

"Иҭакыз руаӡәк уа иҟазаашьа данахашшаа ашьҭахь Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Аԥсны АШәМ ауаҩы аамҭала иаанкыларҭахь днеирц лыӡбеит, аха уи мап лзацәыркит. Убри инадҳәаланы лара изныкымкәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзурахьы ашәҟәқәа налышьҭхьан, аха урҭ ҭакда инхеит", - ҳәа лҳәоит Жәанԥҳа.

Арратә ӡбарҭа ахантәаҩы Свиатослав Саӷариа ишиҳәаз ала, Шьаҟрыл лҟынтәи ашшыԥхьыӡ шьҭоуп Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс иҟаз Зураб Марганиа иганахьала, аомбундсмен иҭакыз иԥылара азин ахьлимҭаз азы.

Зураб Марганиа аӡбарҭахь дымнеиӡеит Аԥсны дахьыҟам инадҳәаланы.

"Марганиа ҭакҳәаҩык иҳасаб ала иааԥхьара АШәМ акомпетенциа иаҵанакуам. АШәМ аҩбатәи аҭакҳәаҩ ҳәа аӡбарҭа адԥхьалара алшом ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит Марганиа Аԥсны АШәМ асистемаҿы иахьазы аус ахьимуа инадҳәаланы", - ҳәа азгәарҭоит Аԥсны АШәМ аҿы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс иҟаз Зураб Марганиа инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит 2020 шықәса лаҵарамзазы. Марганиа ари аҭыԥ ааникылон 2014 шықәса раахыс.