Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит

Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшуп. Сынтәа иара иахыҵуеит 29 шықәса. Атәылаҿ ари амш иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа аанкылоуп ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Ахақәиҭра иасимволу: ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ аҭоурых

Адныҳәалараҿы атәыла ахада иазгәеиҭеит 1992 шықәса ԥхынгәымза 23 иҿыцу ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны иҷыдоу, аҵак дуӡӡа змоу рыцхәны ишыҟалаз.

"Ҩажәижәба шықәса раԥхьа ишьақәырӷәӷәаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Абираҟи Агерби ҳара ҳиааирақәеи ҳаихьӡарақәеи ирсимволны иҟалеит. Ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра асимволқәа ҳара уаҵәтәи амш агәра ҳдыргоит, ихадоу ҳхықәкы – иӷәӷәоу, еизҳазыӷьо Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҟны имҩақәҵаганы иҳамоуп", - ҳәа иануп адныҳәалара атекст аҿы.

Бжьаниа инаҵшьны дазааҭгылеит ари арыцхә ҳажәлар ракзаара, реидгылара, ҳаԥсадгьыл ахьчаразы иаадырԥшыз афырхаҵара ишахаҿроу, абиԥарақәа реилымшәара, ашәышықәсақәа ирықәлоу аҭоурых дуӡӡа змоу ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымреи, ахақәиҭреи, аԥеиԥш лашеи ишырдыргоу.

"Наунагӡа иахашәыршәырлааит ҳҳәынҭқарратә бираҟ иҭышәынтәалоу, есааира иҿио, еизҳауа  ҳ-Аҧсны, хьӡи-ԥшеи змоу атәылаҿы инхо ҳажәлар иргәадураны!" - иҳәеит атәыла ахада.  

Аԥсны жәлар зегьы агәабзиара, анасыԥ, аизҳазыӷьара рзеиӷьеишьеит Аслан Бжьаниа адныҳәалара ахыркәшамҭазы.