"Аӡыканал" аҳҭнықалақь аҿы аӡы аноурышьҭуа азы адырра ҟанаҵеит

Ҩымш ирықәуп Аҟәа ақалақь аҿы аӡыржәтә ыҟамижьҭеи. Уаанӡа зыӡбахә ҳәаз аремонттә усурақәа рышьҭахь даҽа ҭыԥк аҿы авариа ҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Имам Шамиль имҩеи Март 4 амҩеи реихысырҭаҿы имҩаԥыргоз аремонттә усурақәа рышьҭахь даҽа ҭыԥк аҿы аӡымҩангага ԥжәеит ҳәа аанацҳауеит "Аӡыканал".

Аусуратә бригадақәа аремонт иаҿуп. Аӡы ахәаша ахәылбыҽха иҟалоит ҳәа ауаа ақәдыргәыӷуеит.