Аҟәа ақалақь ахадараҿ аилацәажәара мҩаԥысит иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ инадҳәаланы. Аҳҭнықалақь ахада иазгәеиҭеит ԥхынгәы нҵәаанӡа аџьармыкьақәа, ахәаахәҭратә ҭыԥқәа, ауаажәларратә транспорт рҟны аҭагылазаашьа ҭышәныртәалатәуп ҳәа.
Беслан Ешба инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳарак ахцәажәара аҭахны ишыҟоу ауаажәларратә транспорт – арныҟәцаҩцәа реиҳараҩык аԥкрақәа ирықәныҟәом. Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба иҳәеит арныҟәцаҩцәа 18-ҩык рҟынӡа шычмазаҩу, ас еиԥш ицар, ауаажәларратә транспорт аҿы аус зуа шыҟамло.
"Сгәаанагарала, ачымазара шыҟоу ала иҟаларгьы ҟалоит (атранспорт аусура аанкылара - аред.), ада ԥсыхәа амаиур, аха сақәгәыӷуеит ауаажәлар иныҟәаҳго рхы рыхьчап ҳәа. Ҳара ҳрылыбжьаӡом, иахьа зегьы рхы рдыруеит. Амедицинатә сабрада ахаҵара иагьа ицәгьазаргьы ашоураан, хәыҷык рхы иахәаԥшны ацхыраара ҳарымҭар, уи аҭагылазаашьа ҳҭагыларгьы алшоит", - иҳәеит Шәлымба.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ешба Аҟәа аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рхылаԥшра рӷәӷәазарц анапынҵа ҟаиҵеит